Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Ҳаҭыр зқәу Арра-ҳаиртә мчрақәа рветеранцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!
Нанҳәа 27, 1992 шықәса – ари арыцхә Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит Арра-ҳаиртә мчрақәа Рымш ҳәа.
Арра-ҳаиртә мчрақәа атәыла аҳаиртә ҳәаа ахьчараҿ игылоуп, ҳтәыла ажәҩантә ҵакыра аҭынчра рыхьчоит.
Абри аныҳәамш аҽны раԥхьа иргыланы иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаара авиациа аусхк иазызкыз, милаҭтә гәадураны иҟалаз, атәыла аҭоурыхтә ҩыра зыхьӡ наӡаӡан ианызҵаз.
Ҷыдала ажәа ҟәанда рзаҳҳәоит Арра-ҳаиртә мчрақәа рветеранцәа – арратә уалԥшьа анагӡареи атрадициа шьахәқәа рышьақәыргылареи рҿырԥшы ҳзынзыжьыз.
Иахьа еиҵагылоу аҿар пату рызрықәуп уаанӡатәи абиԥарақәа рылшамҭақәа, Аԥсадгьыл ашәарҭадара ахьчаразы рҿаԥхьа иқәгыло адҵақәа ламысцқьала инарыгӡоит. Иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит аусура – авиациа азыҟаҵара ҳарак аманы аҟазааразы, аԥрыҩцәа рзанааҭ шьахәла рнапахьы аагаразы. Азыҟаҵара бзиа, аԥшьгамҭа ҿыцқәа, активла аус анапалакра аадырԥшуеит анџьныр-техникатә еилазаареи аиқәыршәараз арратә хәҭақәа реилазаареи.
Ҳрымҵахырхәоит Арра-ҳаиртә мчрақәа рыррамаҵзурауаа рҭаацәарақәа, ауадаҩрақәеи агәырӷьарақәеи рыцеиҩызшо, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иарӷьажәҩаны ирывагылоу.
Арра-ҳаиртә мчрақәа хьӡы змоу рҭоурых агәрагара ҳнаҭоит иара алахәылацәа азанааҭтә зыҟаҵара ҳарак, иҷыдоу адыррақәеи алшарақәеи шрымоу, ламысцқьала, хьыӡла-ԥшала рҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа шынарыгӡо.
Абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, шәус агәрагареи ақәҿиарақәеи шәыманы шәыҟазарц, иҭынчу ажәҩан шәхагылазарц, Аԥсны аизҳазыӷьара шәымч-шәылша азкызарц.
Атәылахьчара аминистр
аинрал-полковник В. И. Ануа