Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 06 августа 2021 11:42

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра хаз иго актәи амотохысратә баталион акомандаҟаҵареи аилазаареи

Афицарцәа, апрапоршьчикцәа, асержантцәа, асолдаҭцәа!

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ишәыдаҳныҳәалоит архәҭа Амш!

Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны аҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчаразы шәырратә уалԥшьа анагӡараан имҩаԥыжәго шәмаҵзуразы, хамеигӡаралатәи шәџьазы, шәыпрофессионализм ҳарак азы.

Шәара шәхаҵареи арратә зыҟаҵара ҳарак аиқәыршәаразы шәҽазышәара дуқәеи иалдыршоит абаталион Аԥсадгьыл ахьчаразы аҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа ҩаӡара ҳаракыла иахьеиԥш уаҵәгьы рынагӡара.

Абаталион афицарцәа жәпаҩык Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, ҳзеиԥш иааира рлагала ду алоуп.

Иахьа шәара ламысцқьала шәырратә уалԥшьа нашәыгӡоит. Абаталион аҿы қәҿиара ҳаракыла арратә маҵзура иахысуеит Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа, Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра Иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭақәа ирылгаз аҿар.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Арратә Мчрақәа рҿы хаз иго актәи амотохысратә баталион иреиӷьу арҟәыҵәақәа иреиуоуп.

Абри амш ҷыда аҽны ҳахьӡала ишәыдышәкыл гәык-ԥсык алатәи адныҳәаларақәеи Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ақәҿиарақәеи, ашықәс шьардеи, агәабзиара зҩыдеи рзы азеиӷьашьарақәеи!

 

Атәылахьчара аминистр

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 793 раз