Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Четверг, 22 июля 2021 18:18

Аҩыза игәалашәара…

 

Аамҭа ахыц иахышәшәоит. Иццакуеит. Уи аццакыра иалагӡаны иацы иҳавагылаз иахьа рҭыԥ ҭацәуеит, иахьа иҳавагыло ракәзаргьы уаҵәтәи амш  иҳацәнарӡуеит.

Акыр игәыхьуп аибашьра амцашыра иалҵны, зыԥсы еиқәханы, зыжәлари зтәылеи рымаҵ азызуаз ауаҩы аҭынч ԥсҭазаараҟны ҳаззыԥшӡамкәа адунеи зегь иахыҵәаз ачымазара ҿкы иԥсҭазаара анҿахнаҵәо.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа, Мрагыларатәи афронт Тҟәарчалтәи аполк акомандир Лавренти Амқәаб дҳалагыламижьҭеи иҵит шықәсык.

Дарбанызаалак иара дыздыруаз рзы ари ашәаџь  гәалсра духеит.

Ихы-иԥсы дамеигӡакәа иихьчаз атәыла  уаҵәтәи амш аизҳазыӷьаразы уахи-ҽни неиԥшьны аус зуаз, ааԥсарак ззымдыруаз ауаҩы иҟамзаара даара иаҳнырит. Лавренти Амқәаб еснагь еиҳа иуадаҩыз аҭыԥқәа рҿакәын дахьгылаз: 2004 - 2005 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс аус иуан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

Иҟоуп ауаа зҭыԥ ҭацәны иаанхо. Урҭ рыҟамзаара ахарҭәаара уадаҩуп. Абасеиԥш иҟаз дреиуан Лавренти Амқәабгьы – ҩызак иҳасаб ала, аҭаацәа рхадак иҳасаб ала, згәы цқьоу, зыԥсадгьыл бзиа избо, иаԥсыуа гәҭылсоу тәылауаҩык иҳасаб ала.

Ирҳәоит ауаҩы дыргәалашәонаҵы иԥсы ҭазаауеит ҳәа.

Лавренти Амқәаб игәалашәара акәзар инаӡаӡахоит, иуацәа, игәакьацәа, иҩызцәа, аус ицызуаз, уаҵәтәи абиԥарақәа ргәаҿы.

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 603 раз