Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Понедельник, 05 июля 2021 19:48

Аҧсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр, Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аиқәырхаҩ аинрал-леитинант Л. К. Кәыҵниа

Ҳаҭыр зқәу Лев Константин-иҧа!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аҧсны Аҳәынҭқарра арратә мчрақәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара ҳахьӡала шәареи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа - аиқәырхаҩцәа, амцарцәаҩцәа, амаҵзура ҷыда аветеранцәа шәзаанаҭтә ныҳәа шәыдаҳныҳәалоит! Аиқәырхаҩ иус уадаҩуп, иҧсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит, аморалтә зыҟаҵара ду аҭахуп.

Шәара шәзаанаҭ алызхуа реиҳа агәыӷәӷәа зызҭоу, зус бзиа избо роуп.

Апрофессионализм ҳарак, аҧышәа ду, алеишәа ҷыда, азаанаҭ иахәҭаку аҟыбаҩ, иуадаҩӡоу аҭагылазаашьақәа раан иахәҭаны иҟоу аӡбра адкылара - арҭ аҟазшьақәа зегьы зыда ҧсыхәа ыҟам ракәны иҟоуп шәусураҟны. Ҳазҭоу ашықәс азы изныкымкәа ишәҧынгылахьеит ахшыҩ ҵари агәамч ӷәӷәеи зҭаху аусқәа. Шәара урҭ зегьы шәыриааины шәмаҵзуратә уалҧшьа нашәыгӡон. Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәҩыла еиқәшәырхахьо аҧсҭазаарақәа рзы, шәхы-шәыҧсы шәамегӡакәа шәыжәлари шәыҧсадгьыли рымаҵ ахьыжәуазы. Гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, аманшәалара шәнапы злаку аус аҟны, аҭаацәаратә насыҧ лаша. Шәыҧсҭазаарақәа ацәгьа-мыцәгьа, ашәарҭара иацәыхьчазааит!

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 621 раз Последнее изменение Воскресенье, 11 июля 2021 09:03