Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 29 июня 2021 09:26

Атәылахьчара аминистрра аибашьра аветеран иҭаацәа ирыдашшылоит.

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра анапхгара гәалсра дула ирыдашшылоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Амҷба Зураб Илиа-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи.

Зураб Амҷба аибашьра-мҩа данысит Мрагыларатәи афронт актәи аполк, Џьгьардатәи арота далахәны. 1997 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа аҩбатәи абаталион арота акомандирс дыҟан. Активла дрылахәын 1998, 2001, 2008 шықәсқәа раантәи арратә операциақәа.

Зураб Илиа-иԥа хьыӡла-ԥшала аибашьра аԥышәарақәа, ауадаҩрақәа зегь ихигеит. Аԥсадгьыл ахь иааирԥшуаз абзиабара, хацәынмырхала, гәымшәарала иеибашьра – еиҵагыло абиԥарақәа ԥхьаҟагьы ҿырԥшыганы ирзыҟазаауеит.

Прочитано 551 раз Последнее изменение Вторник, 29 июня 2021 15:30