Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 28 мая 2021 20:52

Лаҵара 28 мая – Аҳәаахьчаҩ имш

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа Аҳәаахьчаҩ имш азы адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иарбоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Роберт Витали-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала гәык-ԥсык ала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаахьчаратә отриад аилазаареи, ҷыдала шәареи  шәыпрофессионалтә ныҳәа шәыдысныҳәалоит!

Лаҵара 28 азы атрадициатә ҟазшьа аманы апрофессионалтә мшныҳәа азгәарҭоит Аԥсны аҳәаахьчаратә отриад аррамаҵзурауаа, аофицарцәа, аветеранцәа.

Аҳәаахьчаҩ имш – ари амчра аарԥшра иашьаноуп. Аныҳәа ахаҭа ашьаҭаркра ззырхогьы аԥсадгьыли ажәлари рҿаԥхьа змаҵзуратә уалԥшьа назыгӡо асолдаҭцәа ргәашьамх ашьҭыхроуп. Ари амш аҳәынҭқарреи, ауаажәларреи, атәылауааи ринтерес хадақәа зыхьчо ауаа ирныҳәоуп.

Аҳәаахьчаратә отриад аррамаҵзурауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаақәа рыхьчоит уахи-ҽнила, хамеигӡарада, ааԥсара ҟамҵа. Аҳәаахьчаҩ изанааҭ уадаҩуп, ишәарҭоуп, алеишәа ӷәӷәеи ачҳареи ацзароуп. Аха урҭ акы ирыхьмырԥшыкәа ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиҿкаара азҵаарақәа рыӡыбразы шәымч-шәылша шәеигӡом.

Аԥсны аҳәаахьчаратә отриад аилазаара апрофессионалтә зыҟаҵара ҳарак, адырра ҷыдақәа, аԥышәа бзиа змоу, хьӡи-ԥшеила рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа зыӡбо ауаа рыла ишьақәгылоуп.

Абри амшныҳәа аҽны аколлектив зегь ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, ақәранҵыра рацәа, аҭаацәаратә насыԥ, Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ақәҿиара дуқәа.»

Прочитано 617 раз