Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 25 апреля 2025 11:29

Аррахь иааҳаԥхьо, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, Аԥсны атәылауаа шәахь!

Шәыԥсадгьыл, шәҭаацәа, шәтәылауаа рыхьчараз аррамаҵурахь шәнеира аамҭа ааит, уи  ақәра шәҭагылеит. Ҳәарада аҭаацәа рыхшара еснагь ихәыҷыршьоит, аха уажәшьҭарнахыс Аԥсны алахьынҵа знапы иану шәара шәоуп! Џьоукы рзы, арҭ ажәақәа ҵак дук рымамзаргьы, аиҳараҩык аҿар Арбџьармчқәа рҿы аррамаҵзура ахысра ҳаҭыр ду змоу уалԥшьаны ирыԥхьаӡоит. Аҳаҭыр, апату, агәымшәара, ахамеигӡара, ауалԥшьа анагӡара ахаҵа изы еснагь зегь реиҳа иҭакԥхықәран ишьан.

Аԥсҭазаара игәырӷьахәу аамҭақәа рымацара рыла ишьақәгылаӡом, ауадаҩрақәагьы амоуп – арра ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара злеибарку аҭагылазаашьақәа ирыцу ауадаҩрақәа рыхгараан шәхаҭара гәыцә-шьаҭаны иазыҟалоит. Арбџьармчқәа рҿы амаҵзура – ахықәкынагӡара, агәеицамкра, ахачҳара реиԥш иҟоу аҟазшьақәа  шәыланааӡоит. Уи адагьы, ари аамҭа шәхаҭара ашьақәгылараҿы ихадоу аамҭахәҭахоит – хаҵак иҳасаб ала,  абык иҳасабала, иара убасгьы ԥхьаҟа, напхгаҩык иҳасаб ала аррамаҵзура шәцәаҩа еиҿнакаауеит,  шәдоуҳатә хдырра шьақәнаргылоит.

Прочитано 78 раз