Ҳаҭыр зқәу аб Биссариан!
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдышәкыл шәирамш аҽны иреиӷьу адныҳәаларақәа!
Шәара, Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама ахадараҿы шәгыланы Иаҳхылаԥшхәу Анцәа ду имч ала ажәлар амҩа иаша рықәҵараз ишәылшо зегь ҟашәҵоит. Шәлагала ду шьардоуп аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы Аиашахаҵаратә Уахәама аиҭашьақәгылара, аиҭахацыркра аус аҿы.
Иахьатәи аамҭа уадаҩ Аԥсни иқәынхоу ажәлари реиԥш адунеи зегьы аҿы иԥышәаратә аамҭахеит. Абасеиԥшқәа раан ауаҩытәыҩса аиҳарак Анцәа иажәахь дхьаԥшуеит, Анцәа диқәгәыӷуеит. Ааԥсарак ҟамҵо, џьабаа ду баны шәажәа ҟәыш, шәажәа цхыраагӡа иазыԥшу амҩа иаша, агәыӷра амҩа рзаашәыртуеит.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара ду, ашықәсынҵыра рацәа. Иеизҳааит, иӷьацааит аханатәгьы Анцәа ду дызхылаԥшу ҳаԥсадгьыл Аԥсны.
Атәылахьчара аминистр,
аинрал-полковник В. Ануа