Ҳаҭыр зқәу Заур Константин-иҧа!
Аҧсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ҳахьӡала гәык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәира амшныҳәа. Шәара иахьа шәыҧсадгьыл аинтересқәа шәыхьчоит атәым ҳәынҭқарраҿы, ахьӡи аҧшеи ҭыжәгоит, иззымдыруа аӡбахә дшәырҳауеит, иӡырыжәгоит. Ижәбо аџьабаа Аҧсны аиҳабыреи ажәлари пату ду ақәырҵоит.
Ҳаҭыр зқәу Заур Константин-иҧа, ишәзеиӷьасшьоит аҧсуа иқәранҵыра ду, агәабзиара зҩыда, шәнапы иану аусқәа рҟны аманшәалара. Шәагымхааит зымаҵ жәуа Аҧсынра.
Атәылахьчара аминистр,
аинрал-полковник В. Ануа