Версия для печати
Четверг, 16 марта 2023 19:23

93-тәи ашықәс хәажәкырамза агәалашәаразы…

1993 шықәса хәажәкырамзатәи ахҭысқәа ргәалашәаразы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы имҩаԥысит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Рбаҟа амҵан  ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа.

Агәалашәаратә уснагӡатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр, ихаҭыԥуаа, Атәылахьчара аминистрреи Аштаб Хадеи рнапхгараҭара афицарцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мычқәа рыррамаҵзурауаа.

 

1993 шықәса хәажәкыра 15 азы аԥсуа ар Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа акәша-мыкәша иҟоу, астратегиатә ҟазшьа змоу аҳаракырақәа рнапахьы иааргеит.  Амотохысцәа рыҟәша  Гәымсҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аӡы ирсны, аҳауаҟынтәии амшын аҟынтәии ацхыраара рыманы аӷа ижәланы, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлараны иҟан.  Аха хәажәкыра 15-16 руыха излагаз аоперациа қәҿиара амоуит. Ӷәӷәалатәи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ар хьаҵыр акәхеит. Аветеранцәа ражәақәа рыла  Аҟәа ахақәиҭтәразы хәажәкырамзатәи ажәылара зегь раасҭа иуадаҩыз, ацәыӡқәа зцыз жәыларахеит. Иҭахеит 222 еибашьҩы, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Хәажәкыратәи ажәылара  ақырҭуа оккупантцәа Аԥсны аҵакыра рықәцаразы аибашьраҟны  аҵак ду змаз хҭысхеит.

Прочитано 232 раз Последнее изменение Четверг, 16 марта 2023 19:35

Галерея изображений