Версия для печати
Среда, 08 марта 2023 10:36

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш, хәажәкыра 8 азы Аԥсны Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа идныҳәалара

Ҳаҭыр зқәу аҳәса!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа рыхьӡала аҳәса-аррамаҵзурауаа, арратә коллективқәа русуцәа, Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы  гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ааԥын раԥхьатәи амшныҳәа - Жәларбжьаратәи аҳәса рымш, хәажәкыра 8!

Хәажәкыра 8 – аҭаацәаратә хәышҭаара аԥхарра, агәыҳалалра, ан иаалырԥшуа ахӡыӡаареи агәцаракреи ирсимволны иҟоуп.

Хәшьара узаҭом аҳәса акультура, аҟазара, аҭҵаарадырра, аспорт, ауаажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаарахь рлагала. Имаҷым хьтәы нбанла Аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых зыхьӡ анхалаз.

Шәара шәыжәҩақәа ирықәышәххьеит аҭакԥхықәра дуқәа зцу аидеиақәа, аусқәа, агәҭакқәа. Шәара аԥҳәыс лыхаара, лыблахкыгара мырӡкәа, аҭаацәаратә хәышҭаара аԥхарра еиҵышәхуеит, уаҵәы еиҵагылаша абиԥарақәа еиҵашәааӡоит, убри аан  дасу шәзанааҭқәа рҿы аҩаӡара дуқәа рҟынӡа анеира шәылшәыршоит, шәыжәлар рыгәҭа шәгыланы иуадаҩу  анапынҵақәа нашәыгӡоит.

Ишәыдышәкыл гәыкалатәи адныҳәаларақәа, азеиӷьашьарақәа! Илашааит дасу шәыҩнра, идәылыҩлааит аччабжь, агәырӷьабжь, ишәыгымхааит аилибакаара. Ес-игыло амш ашара агәыӷра ссирқәа, агәҭынчрақәа, аманшәаларақәа шәзаанагалааит! Шәџьабаақәа бзабаахааит!

Прочитано 176 раз Последнее изменение Среда, 08 марта 2023 10:48