Версия для печати
Понедельник, 27 февраля 2023 15:03

Жәабран 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациатә хархәагақәа рымш

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!  Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сара сыхьӡалеи шәзанааҭтә ныҳәа шәыдысныҳәалоит.

Амассатә информациа ахархәагақәа атәыла аԥсҭазаараҿы ароль ҷыда рымоуп. АИХқәа русзуҩцәа аинформациа еизакны, аус адуыланы ауаажәларра ирыладырҵәоит.

Иҟоуп  уи аан рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара ианҭагылоугьы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан адунеи ҳтәыла зҭагылаз аиашара  азырдыруаз,  иҟаҵәҟьаз деилзыркаауаз  шәара шәоуп.

Ҳара зегьы ажәабжьқәа, аналитикатә материалқәа ҳхы рызкыдҵаны ҳарзыӡырыҩуеит. Агәахәара ду унаҭоит шәара шәеиҳараҩык ззаанаҭ здыруа, анапахьы аагара зылшо ҳәа шәеицырдыруа шәахьыҟоу, ииашоу, иҵаҵӷәырку аинформациа архиара ахьшәылшо. Атәылаҿ имҩаԥысуа апроцессқәа обиективла иаарԥшуа шәара,  ахҭысқәа рылацәажәара адагьы ауаажәларратә гәаанагара еиҿышәкаауеит.

Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш азы ишәзеиӷьасшьоит шәгәаҳәарақәа рынагӡара, шәнапы злаку аус аҿы аихьӡарақәа!

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 130 раз Последнее изменение Понедельник, 27 февраля 2023 15:26