Версия для печати
Четверг, 23 февраля 2023 09:21

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Асовет ари Арра-мшынтә флоти рветеранцәа рахь Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы иҟаиҵаз адныҳәалара

Ҳаҭыр зқәу  аветеранцәа, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш!

Иахьа, гәадура дула иаҳгәалаҳаршәоит аиҳабыратә абиԥара рырра-фырхаҵаратә мҩа – аамҭа аӡырҩаш ззымиааиуа, Аԥсадгьыл хәызмам амал ду.

Ахаангьы  Аԥсны аибашьцәа Аԥсадгьыл рыхьчон,  ажәытәӡатәи аамҭақәа рҟынтәи афырхацәа рыхьӡ-рыԥша еизырҳауа. Дарбанызаалак атәылауаҩ иԥсадгьыл ахь имоу абзиабара, ихы-иԥсы ахҭынҵаны идгьыл ахьчара – абарҭ роуп  дара иааишьа рымамкәа иҟазҵо.

Ҳгәалашәараҿы иаанхоит аибашьра адәаҿы наӡаӡа иаанхаз, зыԥсҭазаарақәа ирмеигӡаз 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду  аветеранцәа, ҳгәаҵаҿ ԥсраҽнынӡа иҳацзаауеит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәымшәара, рфырхаҵара, рхымшаҭара. Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзгьы урҭ рхымҩаԥгашьа наӡаӡаз иҿырԥшыгоуп, имҩақәҵагоуп.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, уаҵәтәи амшлашара, аҭынчра, Аԥсадгьыл-џьынџь  ахьчараҿы алшара дуқәа.

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш!

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 168 раз Последнее изменение Четверг, 23 февраля 2023 09:26