Версия для печати
Понедельник, 17 октября 2022 21:30

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рветеран, Леон иорден занашьоу аинрал-маиор А. Н. Анқәаб

Ҳаҭыр зқәу  Аслан Назырбеи-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәымшира!

Шәара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аԥсадгьыл ахьчаразы абџьар шьҭышәхит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазгьы Аԥсны Арбџьар мчқәа рышьақәыргылара иазкын шәымч-шәылша.

Акыр аамҭа еиуеиԥшым аҭакзыԥхықәу аҭыԥқәа рҟны шәыҟан, хамеигӡарада аҳәынҭқарра атәылахьчара аус шәџьабаа адышәҵон.

Шәара ҭакԥхықәра дула, ламысцқьала  шәазыҟоуп шәырратә уалԥшьа, шәҿаԥхьа иқәгылоу иарбанызаалак аус анагӡара иазышәкуеит шәымч, шәдырра.

Шәусқәа, шәхымҩаԥгашьа ирныԥшуеит аԥсуа  офицарцәа  аиҳабыратә абиԥара иреиӷьӡоу рытрадициақәа.

Аслан Назырбеи-иԥа, шәирамш аҽны гәыкала ишәзеиӷьасшьоит ԥхьаҟа аизҳара, ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, Аԥсадгьыл ахьӡала шәнапы назлашәкуа шәусқәа зегьы рҿы аманшәалара.

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 176 раз Последнее изменение Четверг, 20 октября 2022 11:40