Версия для печати
Среда, 08 июня 2022 18:16

Аветеран иҭаацәа рыдашшылара…

Атәылахьчара аминистрреи хаҭала сареи гәалсра дула ҳшәыдашшылоит 1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьаз, аполковник ԥхьатәи Аршба Антон Аџыр-иԥа иҭаацәеи игәакьацәеи.

Антон Аџыр-иԥа дреиуан хымшаҭарада, ҭакԥхықәра дула знапынҵақәа здызкылоз, Аԥсадгьыл иеиҭаз  аҭоуба назыгӡоз, зырратә уалԥшьа анагӡара зҽазызшәоз.

Илашазааит угәалашәара – Антон Аџыр-иԥа.

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. Ануа

 

Аршба Антон Аџыр-иԥа 1992 шықәса нанҳәамза инаркны абҵарамзанӡа Тҟәарчалтәи агарнизон командаҟаҵаҩыс даман.

1992 шықәса абҵарамза инаркны 1993 шықәса цәыббрамзанӡа Мрагыларатәи афронт ахатәеилазаара акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

1993 шықәса цәыббрамза инаркны 1995 шықәса цәыббрамзанӡа Очамчыра ақалақь арратә горнизон аиҳабыс дыҟан.

Анаҩс Антон Аџыр-иԥа Аҟәа ақалақь арратә комендант имаҵура наигӡон, 2000-2005 шықәсқәа рзы – ареспубликатә арратә комендатура арратә комендантс дыҟан.

Прочитано 235 раз Последнее изменение Среда, 08 июня 2022 18:20