Версия для печати
Четверг, 27 января 2022 16:21

Атәылахьчара аминистр аминистрреи аштаб хадеи рыррамаҵзурауаа дырԥылеит

Аминистри аррамаҵзурауааи реилацәажәара инарҭбаау аформат ала имҩаԥысит. Амшхәаԥштә аҿы иарбаз азҵаарақәа рхыԥхьаӡара акыр иеиҵыхын. Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа иажәахә аҿы дрылацәажәеит Арбџьар мчқәа рҭагылазаашьа, урҭ есымшатәи русура ахырхарҭа хадақәа.

Аиԥылараан иҷыдоу азааҭгылара аҭан аррамаҵзурауаагьы аилацәажәара ралархәра, ирыдгалан адиалог аформат, азҵаарақәа рықәыргылараз алшара.

Аицәажәара иатема хаданы иҟан арратә ҽазыҟаҵара аҭагылазаашьа аиӷьтәра, амобилизациатә хиара, ԥхьаҟатәи аҿиара аԥеиԥш, асоциалтә зҵаарақәа, ар есымшатәи рыԥсҭазаара аиӷьхара.

Аиԥылара еснагь еиԥш иаҵанакуан имҩаԥгоу аусура афактқәа, анализ, ацифрақәа. Ирылацәажәан арратә зыҟаҵара аҭагылазаашьа, абџьари атехникеи рремонт, атылтә еиқәыршәара аиҿкаара, арратә леишәа, арратә маҵзура аҳаҭыр ашьҭыхра.

Аиԥылара хыркәшо аминистр арратә маҵзура еиҳа хаҭабзиараҳаракыла амҩаԥгареи арратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәреи рзы апланқәа дырзааҭгылеит.

Прочитано 982 раз Последнее изменение Четверг, 27 января 2022 16:25

Галерея изображений