Версия для печати
Воскресенье, 02 января 2022 13:17

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр, Аԥсны Афырхаҵа, «Леон иорден» занашьоу, аинрал-полковник В. И. Ануа

Ҳаҭыр зқәу  Владимир Иван-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара  аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчрақәа рыррамаҵзурауаа рыхьӡала гәык-ԥсык ала адныҳәалара шәыдышәкыл шәиубилеитә мшы азы!

Иналукааша арратә напхгаҩы, ауаажәларра рҿы зыԥсҭазааратә ҿырԥшы ҳаҭыр-пату ду ақәу, зус ҩаӡара ҳаракыла издыруа, шьҭрала аламыс цқьа иахыҵхырҭоу, ҳаҭыр зқәу Владимир Иван-иԥа, акыршықәса раахыс Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчареи, ашәарҭадара ԥхьаҟа арҿиареи шәымч-шәылша, шәхы-шәыԥсы адышәҵоит!

Шәыԥсҭазааратә мҩа, тәамҩахә амамкәа имҩаԥыжәго аусура иаадырԥшуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩ иаша иҟазшьақәа ишәыло. Шәыпрофессионалтә усура ашықәсқәа зегьы шаҳаҭра руеит напхгаҩык иҳасаб ала аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аусқәа рыӡбара шшәылшо, шәара шәзы ахадаратә ҭыԥ шныркыло ажәлар ринтересқәа, аҳәынҭқарра ашәарҭадара!

Агәра аагоит шәпатриотизм, Аԥсадгьыл ахь иаашәырԥшуа абзиабара, шәнапы иану аусқәа хамеигӡарыла рымҩаԥгара Аԥсны ахьӡ-аԥша ашьҭыхра ишазырхо.

Абри иныҳәоу амш аҽны, азин сышәҭ, ҳаҭыр зқәу Владимир Иван-иԥа,  ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара зҩыда, аманшәалара,  ашықәс рацәа!

Ԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа Аԥсадгьыл аҿаԥхьа амаҵ ауразы! Ицқьазааит шәыжәҩан, анасыԥ ԥшәымара аулааит шәыҩнаҭаҿы!

 

Ҳаҭырла,

 

Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ,

аинрал-полковник Б. Ҵәыџьба

Прочитано 980 раз Последнее изменение Вторник, 25 января 2022 10:01