Версия для печати
Понедельник, 20 декабря 2021 16:53

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы аполковник Р. В. Киут

Ҳаҭыр зқәу  Роберт Витали-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала аусбарҭа аилазаареи, ҷыдала шәареи шәзанааҭтә ныҳәамш шәыдысныҳәалоит!

Шәмаҵзуратә уалԥшьа инақәыршәаны шәара аҳәынҭқарра аинтересқәа шәыхьчоит, шәымчи шәылшеи азкуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиҿкаара.

Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ахааназ ҳагәқәа рҿы иҟазаауеит, ҳгәалашәара иацзаауеит. Иахьа, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аилазаара қәҿиарала инанагӡоит  аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа  атәыла ҵызшәаауа рыгәҭакқәа раԥырҟәҟәаара, аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара.

Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Роберт Витали-иԥа, азин сышәҭ зхадараҿы шәыҟоу аколлектив ирзеиӷьасшьарц агәабзиара зҩыда, анасыԥ лаша, ашықәс рацәа, аҭаацәаратә маншәалара, имариам, ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи зцу аус аҿы ақәҿиарақәа.

Ҳаҭырла,

Атәылахьчара аминистр

аинрал -полковник                                                        В. И. Ануа

Прочитано 1067 раз Последнее изменение Четверг, 30 декабря 2021 11:29