Версия для печати
Понедельник, 22 ноября 2021 14:39

АА АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ, Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы, аполковник Р. Е. Латипов

Ҳаҭыр зқәу Русҭам Ергаш-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аилазаареи, хаҭала шәареи ишәыдысныҳәалоит  архәҭа ашьаҭаркра 29 шықәса ахыҵра Амш.

Шәмаҵзуратә уалԥшьа нагӡо ҳтәыла аҳәаақәа шәыхьчоит, шәымч-шәылша азкуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиҿкааразы аԥыжәаратә усқәа рынагӡара.

1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз аҳәаахьчаҩцәа фырхаҵарыла  рнап ианыз аус нагӡо иԥшьоу рыдгьыли рыжәлари рыхьчон.

Урҭ рҟынтәи шьардаҩык руалԥшьа анагӡаразы, рфырхаҵаразы амедалқәеи аорденқәеи ранашьан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аилазаара, апрофессионалтә зыҟаҵара бзиа рыманы, хьыӡла-ԥшала рнап иану аусқәа нарыгӡоит.

Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Русҭам Ергаш-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аилазаара ирзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, ашықәсынҵыра ду, Аԥсадгьыл ахьчара аус аҿы аманшәалареи аихьӡареи.

 

Атәылахьчара аминистр и.н.

аинрал-полковник Б. А. Ҵәыџьба

Прочитано 591 раз Последнее изменение Понедельник, 22 ноября 2021 14:40