Версия для печати
Четверг, 18 ноября 2021 09:36

АА АМ Аштаб хада амаӡаныҟәгарҭа аиҳабы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Арбџьар мчқәа рветеран, «Леон иорден» занашьоу аинрал-маиор Анқәаб С. Д.

Ҳаҭыр зқәу Слава Дикран-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арбџьар Мчқәа рыррамаҵзурауаа рыхьӡала шәиубилеитә мышныҳәазы ишәыдышәкыл гәык-ԥсык алатәи адныҳәаларақәа!

Ҳара зегьы ари амш шәыдныҳәалара агәахәара ду ҳнаҭоит. Иаҳҭахуп ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаарц акыршықәсатәи шәнырра, аус шәыцура, шәааигәара аҟазаара.

Аԥсуа жәлар зегьы рзы иԥышәагаз 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны амцашыра шәалагылан, Аԥсны ахьыԥшымреи ахақәиҭреи шәырзықәԥон, шәазыхиан шәыԥсадгьыл шәхы ахҭынҵара.

Акыршықәса аҭакԥхықәра зцу аусқәа шәнапы ианын. Хамеигӡарада аусура, тәамҩахә ҟамҵакәа шәнап ианыз амаҵ азура – ҳҳәынҭқарра атәылахьчара арӷәӷәара иацхраауан. Иахьа, абиԥарала аԥсадгьыл абзиабара, амаҵ азура, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азхәыцра злашәааӡаз, измажәдаз шәыхшара  Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара иацызҵо афицартә династиа иеиуаны иҳавагылоуп.

Аԥсны Арратә Мчқәа реилазаараҟны шәусура ламысцқьала, ҭакԥхықәра дула инашәыгӡоит, шәԥышәа ахархәара ашәҭоит Аԥсадгьыл ахьыԥшымра, ахақәиҭра рыршәҭыкакаҷразы. Шәус гәыкала азнеираз, азыҳаҵҳаҵараз ҳаҭыр-пату ду шәықәуп.

Иахьатәи шәиубилеи амшы азы, Слава Дикран-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, ақәҿиарақәа, аманшәалара иарбанызаалак шәнапы назлашәкуа зегь рҿы. Ицқьазааит, илашазааит  шәыԥсҭазааратә мҩа.

 

Атәылахьчара аминистр и. н.

аинрал-полковник Б. Ҵәыџьба

Прочитано 514 раз Последнее изменение Четверг, 18 ноября 2021 09:39