Версия для печати
Вторник, 03 августа 2021 10:54

АԤСНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР ИРРАТӘ АБЖЬГАҨ ХАДА, АԤСНЫ АФЫРХАҴА, АР РЕИНРАЛ М. Б. КЬЫШЬМАРИА

Ҳаҭыр зқәу Мираб Борис-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арратә Мчрақәа реилазаара  рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит 60-шықәса шәхыҵра аиубилеитә мышныҳәа!

Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ауаажәларра рҿы ҳаҭыр-пату зқәу, аҟазара ҳарак змоу апрофессионал, ҳаҭыр зқәу Мираб Борис-иԥа, акыр шықәса ҵуеит шәара шәымч-шәылша, шәдырра Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчареи, аҿиареи, аизҳареи ирызкуижьҭеи.

Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа Аԥсадгьыл амаҵ азура иаҿырԥшыганы иҟоуп. Абри азанааҭ аҟны шәусура иаҵанакуа аамҭақәа рзы шәхы аашәырԥшит аҭакԥхықәра иацәымшәо, аҳәынҭқарратә ҵакы змоу азҵаара дуқәа хра рыманы рыӡбра зылшо напхгаҩны. Шәара шәусура шаҳаҭра ауеит доуҳатәи политикатәи беиараны зегь раԥхьа ишәыргыло аҳәынҭқарреи ажәлари ршәарҭадара шакәу.

Агәра аагоит шәымч-шәылша, шәдырра, аџьа ацәымаашьара, аԥсҭазааратә позициа ацәхьамҵра ԥхьаҟагьы Аԥсны ахьӡ-аԥша арҳараҿы ахархәара шрышәҭо.

Абри амш ԥшӡа азы, азин сышәҭ Мираб Борис-иԥа, ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара зҩыда, ашықәс рацәа, аманшәалара! Шәқәыԥшра ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡагьы шәыбла аҷыц аиԥш ишәыхьчо, иаҭахны иҟалар шәыԥсҭазаара зқәышәҵар шәылшо шәыԥсадгьыл Аԥсны аизҳа-зыӷьара, ашәҭыкакаҷра шәалагәырӷьалааит акраамҭа Анцәа ду ишәаҭәеишьаны!

 

АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР

АИНРАЛ-ПОЛКОВНИК В. И. АНУА

Прочитано 506 раз