Версия для печати
Вторник, 06 апреля 2021 13:09

Министр обороны генерал-полковник Владимир Иванович Ануа поздравил Главнокомандующего ВС РА Аслана Георгиевича Бжания с Днем Рождения...

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада,

Аԥсны Арратә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада

А. Г. Бжьаниа

 

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арратә мчқәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара, ҳахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәымшира!

Аслан Гьаргь-иԥа, рацәаӡак имариам аҭагылазаашьа иақәшәеит Аԥсны шәахагылара аамҭа. Аха шәара, адырра ҳарак змоу профессионалк иҳасаб ала шәыԥсҭазаара, шәымч-шәылша шәыԥсадгьыл амаҵ азура, уаҵәтәи амш аизҳазыӷьара иазхоуп. Абри аус аҟны иаҭахуп зегь раԥхьа иргылан Абзиабара дуӡӡа – Аԥсадгьыл абзиабара. Уи аханатәгьы шьҭрала шәара шәшьа-шәда иалоуп.

Азин сышәҭ ҭабуп ҳәа шәаҳәара – ҷыдала Аԥсны Арратә мчқәа иахьатәи аамҭа иақәшәо аҿиара роурц ишәыдышәкыло аҵак ду змоу аӡбрақәа рзы.

Шәара ишәыбзоураны иалыршоуп Арратә мчқәа бџьарла, техникала реиқәыршәараз апланқәа жәпакы аԥсҭазаара раларҵәара, абри аусхк аганахь ала жәларбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи, аррамаҵзурауаа рматериал-техникатә база аиӷьтәра.

Агәра шәҳаргоит, аԥсадгьыли ажәлари рымаҵ аура ҳшазыхио, урҭ рыхьчаразы ҳхи-ҳаԥси ҳшырмеигӡо, аҩыза-тәылақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳагьы ишҳарӷәӷәало.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, агәамч, ахирра, аихьӡарақәа, шәнапы злаку аҳәынҭқарратә маҵзураҟны аманшәалара.

Аҭынчреи абзазара ӷьацеи агмыз ҳаԥсадгьыл Аԥсынтәыла!

Шәрыгымхааит зымаҵ жәуа шәыжәлари шәыдгьыл гәакьеи!

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 783 раз