Версия для печати
Среда, 28 мая 2025 12:31

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра алаҳәара ҟанаҵоит 2025/26 аҵарашықәс азы Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшар ркомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа аҵараҵаразы аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы.

Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшар ркомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа «Амотошьаҟарҟәшақәа аибашьраҿ рхархәара» азанааҭ ала хәыда-ԥсада аҵараҵаразы абитуриентцәа аднакылоит. Аграждантә занааҭ – «Аусзуҩцәа напхгара рыҭаразы аменеџьер».

Аҵараамҭа – 4 шықәса. Аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа «алеитинант» ичын ранашьахоит.

Аусшәҟәқәа рыдыркылоит 2025 шықәса рашәара 25 рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә комиссариатқәа рҿы (арзаҳал назышьҭуа дахьынхо аҭыԥ иахьаҵанакуала).

Адҵааларақәа рзы аҭел: 8 (840) 229 77 34.

Прочитано 56 раз